Шалва Папуашвили Европатәи Аидгылара акандидатцәа ртәылақәа рпарламентқәа рԥызацәа раԥхьатәи рконференциа алахәхаразы Сербиаҟа дцеит

10:39, 07.07.2026

Шалва Папуашвили Европатәи Аидгылара акандидатцәа ртәылақәа рпарламентқәа рԥызацәа раԥхьатәи рконференциа алахәхаразы Сербиаҟа дцеит

Қырҭтәыла Апарламент аиҳабы Шалва Папуашвили официалтә визитла Сербиа аҳҭнықалақь Белградҟа дцеит.

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Апарламент Ахантәаҩы Сербиеи Украинеи рпарламентқәа рԥызацәа раԥшьгарала имҩаԥысуа ЕС акандидаттә тәылақәа рпарламентқәа рԥызацәа раԥхьатәи (ашьақәыргыларатә) конференциа далахәхоит.

Қырҭтәылатәи Апарламент излаанацҳауа ала, аконференциа ахықәкы – акандидаттә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара апарламенттә диалог арҵаулареи, аинформациа аимдареи, апозициақәа реиқәыршәареи, ЕС аинтеграциа апроцесс аҿы аҩганктәи адгылара аизырҳареи рзы апарламентқәа рԥызацәа рформат ашьақәыргылара ауп.

Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шалва Папуашьвили алахәылацәа рҿаԥхьа ажәахә ҟаиҵоит, аусуратә еилатәарақәа ихы рылаирхәуеит.

Аконференциа ахыркәшамҭаз алахәылацәа еицырзеиԥшу аҳәамҭа рыдыркылоит.

Еиԥшу