Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Игор Долгов диҧылеит.
Игор Долгов Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩыс иалхра идныҳәаланы, Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы иҟынтә аофициалтә адныҳәаларатә шәҟәы ииҭеит.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Қырҭтәылеи Украинеи реиҩызареи, русеицура ҕәҕәеи, ирзеиҧшу европатәи евроатлантикатәи ҽазышәарақәеи дрылацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, дара апарламентбжьаратә усеицура иаҳа арҭбаара иазыхиоуп, Қырҭтәыла – Украина – Молдова Апарламенттә ассамблеиагьы аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, 2022 шықәсазы Қырҭтәылеи Укрианеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәа аҵра иазгәарҭоит.
Апарламент ахантәаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Амшын еиқәа арегион аҿы ашәарҭадара азҵаарагьы иалацәажәеит.