Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Рубен Садоиан диҧылеит.
Апарламент апресс-маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Шьалуа Папуашвили Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реигәыларатә еизыҟазаашьақәа азгәаҭаны, ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбаара дшақәгәыҕуа иҳәеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа апарламентбжьаратә усеицура арҭбаара иалацәажәан, ҩ-ганктәи аимадарақәа рырҕәҕәара ишазыхиоу азгәарҭеит.