Шьалуа  Папуашвили  Қырҭтәыла аҿагыларатә кампаниа дахцәажәеит
Шьалуа  Папуашвили  Қырҭтәыла аҿагыларатә кампаниа дахцәажәеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа  Папуашвили Қырҭтәыла аҿагыларатә кампаниа дахцәажәеит асоциалтә аҳа  «Твиттер»  аҿы. Иара ишиҩыз ала, Қырҭтәыла адемократиатә имиџь аҿагылартә кампаниа  2 хәҭак рыла ишьақәгылан,  аха,  уи алҵшәа ахылымҵит.

Папуашвили иажәақәа рыла, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит Саакашвили изинқәа зегьы, амедицинатә цхыраарагьы уахь иналаҵаны,  аҳәынҭқаррала ишыхьчоу. Насгьы, асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Америкеи,  Британиа Дуи, Евроеидгылеи рхаҭарнакцәа ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ асанкциақәа рывсра афактқәа шыҟам.

«Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит Саакашвили изинқәа, амедицинатә цхыраарагьы налаҵаны,  аҳәынҭқаррала ишыхьчоу. Насгьы, асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Америкеи,  Британиа Дуи, Евроеидгылеи рхаҭарнакцәа ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ асанкциақәа рывсра афактқәа шыҟам. Аҩ-хыҭҳәаак ихыбгалеит. Қырҭтәыла абри ақәҧараҿы аиааира агеит. Қырҭтәыла аиҳабыра аиашара мацара иақәгәыҕуан, ҳара ҳаиндаҭлаҩцәа миллионла адоллар иақәгәыҕуан, Қырҭтәыла адемократиатә қәҿиарақәа рықәхразы ари аҧара баша инырхит.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аҭагылазаашьа рыҧсахыр шырҭаху аабоит, аха, уи уаҳа изыҟалом, избанзар Қырҭтәыла анҭыҵгьы еилыркааит  дара ирҳәо зегьы шымцу», — иҩит  Шьалуа  Папуашвили.