Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иадгыло атәыла цыԥхьаӡа ҳадгылоит, акандидат статус ахьамамыз шықәсык иалагӡаны Қырҭтәыла игәаҟуан
Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иадгыло атәыла цыԥхьаӡа ҳадгылоит, акандидат статус ахьамамыз шықәсык иалагӡаны Қырҭтәыла игәаҟуан, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Шьалуа Папуашвили иазҵааит “Аради ахақәиҭра” европатәи абиуро аредактор Рикард Иозвиак истатиа иадҳәаланы. „Арадио ахақәиҭра“ Европа абиуро аредактор Рикард Иозвиак ишааицҳаз, Венгриа Украина Евроеидгыла алалара адгылоит, Евреоидгыла иалоу атәылақәа Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иақәшаҳаҭхар.
„Сыздырӡом, ари аихқәа аладырҵәеит. Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иадгыло атәыла цыԥхьаӡа ҳадгылоит, акандидат статус ахьамамыз шықәсык иалагӡаны Қырҭтәыла игәаҟуан, избан акәзар атриоҿ Қырҭтәыла аԥхьагылара амоуп. Атрио иалоу ҩтәылак акандидат статус анашьан, Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари имӷьацо иаанхеит“, – иҳәеит Папуашвили.