Шьалуа  Папуашвили – Иарбанызаалак амчылара ҳақәыӡбоит
Шьалуа  Папуашвили – Иарбанызаалак амчылара ҳақәыӡбоит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы  Шьалуа  Папуашвили иҳәамҭала, иара  «Ҭбилиси — праид» иадҳәалоу иарбанызаалак амчылара дақәыӡбоит.

Иара иажәақәа рыла, ауаа акгьы рмыхьит, уи ауп ихадоу, ари аганахьала аполициа ибзианы аус ауит.

Қарҭ, акомплекс  «Лиси вандерленд» аҿы,  «Праид – фестиваль» аҵыхәтәантәи амш мҩаҧыргараны иҟан, аха, ари ауснагӡатә амҩаҧгара  иаҿагылаз акциа алахәылацәа зыӡбахәы ҳәоу аҵакырадгьыл мчыла иҭалеит. Афестиваль алахәылацәа ари аҭыҧ ақәҵра рықәшәеит.