Иацы ажәалагалак ҟаҳҵеит, Қырҭтәыла акандидат статус анашьаразы Еврокомиссиа шьақәнарӷәӷәаз априоритетқәа рынгӡара анапхгара рҭаԥхықәроуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, ауаажәлар ирдаргалаз аплан Еврокомиссиа арекомендациақәа рынагӡара иазкуп, ҭагалантәи асессиаҿ азакәанпроектқәа зегьы шьақәдырӷәӷәоит.
Аха, Папуашвили ишааицҳаз, аполитикцәа џьоукы арадикалтә амш аусхәаԥштә рымоуп.
“Ҳара ҳҭакԥхықәра аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура ҳалагоит, Европа зҭаху дҳадгылароуп. “Ақырҭуа гәахәтәы” абри еиԥш ажәалагалақәа изныкымкуа ҟанаҵахьеит… Аплатформас апарламент алхуп, атемақәа иалкаауп, аҿҳәарақәа ҳамоуп, убри аҟынтә Европа зҭаху дҳадгылароуп”, – иазгәеиҭеит апарламент ахантәаҩы.