Шьалуа Папуашвили Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахада ашәҟәы изиҩит Ассамблеиа арезолиуциаҿы Саакашвили изку анҵамҭа иадҳәаланы
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахада ашәҟәы изиҩит Ассамблеиа арезолиуциаҿы Саакашвили изку анҵамҭа иадҳәаланы.
Ашәҟәы ишану ала, ақырҭуа делегациа аукраинаа адгылара наӡа рзаадырҧшуеит, аха, «Урыстәылатәи афедерациа ала Украина иаҿагыло агрессиа аескалациа иазку» арезолиуциа иақәшаҳаҭым, избанзар, арезолиуциаҿы иҟоу анҵамҭак инақәыршәаны, «Ассамблея Путин иҿагыло аполитбаандаҩцәа русқәа реиҭахәаҭреи Урыстәылагьы егьырҭ атәылақәа рҿгьы урҭ рхақәиҭтәреи иаҳәоит, Украина атәылауаҩ, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвилигьы данрылаҵаны».
Шьалуа Папуашвили ишиҩыз ала, 2004-2012 шықәсқәа рзы иҟаз аилагарақәа рзы Саакашвили 2 уск рзы азыӡба иоухьеит, даҽа 3 уск рзы аусеилыргара мҩаҧысуеит.
«Ауаҩытәыҩса изинқаә рзы Европатәи аӡбарҭа Қырҭтәыла апенитенциартә системаҿы Саакашвили изныҟәашьа иадҳәалоу аус аднамкылеит. Аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аус аҿы ауаҩытәыҩса изинқәа ирыдҳәаланы «аҭагылазаашьа ҷыдақәа » иҟамызт.
Аӡбарҭа ақәҵара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит апенитенциартә системаҿы Михаил Саакашвили изинқәеи иинтересқәеи шеилагам, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа астандартқәа ишрышьашәалоу.
Убри аҟынтә, Саакашвили изкны иҟаҵоу иҵаҵгәыркым анҵамҭа амшала, ақырҭуа уаажәларраҿы Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиахь агәрагара маҷхар ауеит. Ҳара агәыҕра ду ҳамоуп ҳаҧхьаҟа Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа алахәылацәа ари аиҿкаара аинтересқәеи ахадаратә принципқәеи ирықәныҟәалап ҳәа», — иануп Папуашвили ишәҟәы аҟны.