Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла Қырҭтәыла ада акзаара амам, Қырҭтәыла - Евроеидгыла ада, ари иаку аҭоурыхтәи акультуратәи қәыԥшылароуп, ҳара ари ақәыԥшылара ҳатәуп
«Евроеидгыла Қырҭтәыла ада акзаара амам, Қырҭтәыла – Евроеидгыла ада, ари иаку аҭоурыхтәи акультуратәи қәыԥшылароуп, ҳара ари ақәыԥшылара ҳатәуп. Сгәы шаанаго ала, ари ақәыԥшылара аиҭашьақәыргылара акультуратә дипломатиа алшоит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили апарламент акультура азы акомитет аконсультациатә хеилак есышықәсатәи аилатәараҿ данықәгылоз.
«Ҳара, ҭоурыхла ишыҟаз еиԥш, Европа аҿиара апроцесс аҽалархәра ҳҭахуп. Евроеидгылаҿ аларҵәара змоу хнбанк аԥшьбатәи – ақырҭуа – ацаҳҵар ҳҭахуп, Евроеидгылаҿ излацәажәо 24 бызшәак, 25-тәи – ақырҭуа ацаҳҵар ҳҭахуп. Ҳара Евроеидгыла акультуратәи аиуристтә аҿиара аҽалахәра ҳҭахуп», — — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла апарламент адепутатцәе, адипкорпус ахаҭарнакцәеи, иааԥхьаз асасцәеи.