Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла алалара иазҿлымҳау ауааҧсыра абжьагарақәа рынагӡара иалагароуп
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, аусуратә гәыҧ иахьатәи аилатәараҿы апартиақәа аҩырала иҟарҵаз анализ еиҭнырыҧсахлеит, лымкаала, иазгәаҭан иахьа уажәраанӡа атәылаҿы инагӡаз ареформақәеи, уажәазы иҟоу апроблемақәеи, урҭ рыӡбашьеи.
«Аӡбаратә реформа сазааҭгылар сҭахуп, Еврокомиссиеи Евроеидгылеи рҟынтә абри абжьагара ҳауит — анализ ашьаҭала ареформа астратегиа ихиаалатәуп, иашьашәалоу аҧсахрақәа мҩаҧганы, ареформа нагӡатәуп. Ари апроцесс иалахәызаауеит Венециатәи акомиссиагьы, дара ргәаанагарагьы иазҧхьагәаҳҭоит. Ишыжәдыруа ала, ари ахырхарҭала аусура ҳалагахьеит.
Абжьагарақәа рынагӡара апроцесс аҿы апартиақәа рылахәызаара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп — Евроеидгыла алалара иазҿлымҳау, ари амҩала ҧхьаҟацара зҭаху апартиақәа зегьы ари апроцесс рхы аладырхәоит, абжьагарақәа рынагӡара иазку аусура аҽалархәра зҭахым апартиақәа Евроеидгыла рҭахым. Ақырҭуа политикаҿы абас имариоу азҵаара хаангьы иҟамызт ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.