Шьалуа Папуашвили – Алианс иалоу атәылақәа зегьы НАТО алалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәара ишадгыло шьақәдырҕәҕәеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ҿыц Шьалуа Папуашвили Бриуссель раҧхьатәи ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, НАТО аштаб-уадаҿы аиҧыларақәа мҩаҧигоит.
Иахьа Папуашвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ Мирчеи Џьоане диҧылеит, иара убас, ақырҭуа апарламенттә делегациа, НАТО – Қырҭтәыла акомиссиа аилатәара рхы аладырхәит.
Апарламент ахантәаҩы акомиссиа аилатәараҿы дықәгылеит.
Шьалуа Папуашвили адемократиатә реформақәа рынагӡара апроцесс азы апарламент ахылаҧшра иазку аусура далацәажәеит.
Папуашвили иажәақәа рыла, акомиссиа аилатәараҿы Алианс иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы НАТО алалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәара ишақәшаҳаҭу шьақәдырҕәҕәеит.