Серго Чихлаӡе  - Афинансыркра ахыҵхырҭақәа зегьы аартуп, иарбанызаалак партиак егьа иаҭаххаргьы, уи аҵәахра залшом
Серго Чихлаӡе  - Афинансыркра ахыҵхырҭақәа зегьы аартуп, иарбанызаалак партиак егьа иаҭаххаргьы, уи аҵәахра залшом

«Афинансыркра ахыҵхырҭақәа зегьы аартуп, иарбанызаалак партиак егьа иаҭаххаргьы, уи аҵәахра залшом», — иҳәеит апартиа  «Аҕмашенебели истратегиа» алахәыла  Серго Чихлаӡе.

Чихлаӡе  «Арегионалтә аҿиара ацентр» аҳәамҭа дахцәажәеит, зыӡбахәы ҳәоу ацентр  Аудит амаҵзурахьы ааҧхьара ҟанаҵеит   иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа раҧҵара ала апартиақәа закәандарала   аҧара шроуа ҭырҵаарц.

«Аудит маҵзура уезгьы уи ауп изҿу, убри аҟынтә,  «Ақырҭуа гәахәтәы» уажәы ари акампаниа заҧшьаргаз сзеилкаауам. Аудит амаҵзура ари ахырхарҭала аус ауеит, анформациа аартуп,  «Ақырҭуа гәахәтәы» аџьыбатә аиҿкаарақәа ари аинформациа рбар рылшоит.

Афинансыркра ахыҵхырҭақәа зегьы аартуп, иарбанызаалак партиак егьа иаҭаххаргьы, уи аҵәахра залшом. Дарбанызаалак ауаҩҧсы Аудит амаҵзура асаит аартны, аинформациа ибар илшоит», — иҳәеит  Серго Чихлаӡе.