Сергеи Шамба иҟаиҵаз аҳәамҭала, Аԥсны урыстәылатәи арраттә-мшынтә база аартра апланқәа ирылам
Аԥсны урыстәылатәи арраттә-мшынтә база аартра апланқәа ирылам, – ааицҳаит импыҵахалоу Аԥны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба.
Шамба иажәақәа рыла, Урыстәылеи Аԥсни аҳәынҭқарабжьаратә аусеицура рыбжьарҵеит, ари аусеицураҿ ихадоу хырхарҭа ашәарҭадаратә хырхала аусеицура ауп.
“Ишыжәдыруа ала, Ареспубликаҿ урыстәылатәи бжьарратә базак гылоуп. Урсытәыла аҳәаатә мчқәа Аԥсны ашәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы ароль ду нарыгӡоит, ари аҵак ду амоуп Қырҭтәыла ахымцабџьар ахархәара мап ацәкра иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ахьаҭахым афон аҿы“, – иҳәеит Шамба.