Сергеи Лавров иҳәамҭала, урыстәылатәи аган аҳәара роур, ашәарҭадара агарантиақәа ирызкны Американтә ироуа аҭак аргама ицәырыргом
Урыстәылатәи аган аҳәара роур, ашәарҭадара агарантиақәа ирызкны Американтә ироуа аҭак аргама ицәырыргом, аха, ауаажәлар аҭак аҵакы иддырдыруеит. Иахьа ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Лавров иажәақәа рыла, Урыстәыла ахатә ажәалагалақәа рзы Америкеи НАТОи рҟынтә аҭак иазыҧшуп.
«Ҳазну амчыбжь азы аҭак ҳазыҧшуп. Уажәазы ражәа нарыгӡап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Лавров.
Иара ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла иарбанызаалак аҭагылазааашьа иазыхиоуп.
Сергеи Лавров ишиҳәаз ала, Москва аинициативазы Мраҭашәарантә аконструктивтә аҭак рмоур, мраҭашәаратәи аган агрессиатә хырхарҭа нарыгӡар, Урыстәыла иахәҭоу аҭак ҟанаҵоит.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы америкатә ҭыжьымҭа «Вашингтон пост» ишаанацҳаз ала, америкатә ган Урыстәыла анапхгара ирыҳәеит ашәарҭадара агарантиақәа ирызку урыстәылатәи ажәалагалақәа рзы иҟарҵо аҭак аргама ицәыррымгарц.