Сергеи Лавров - Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡара ҳарҭбаауеит
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Шәача, Аԥсны асепаратисттә режим хаҭарнакцәа дырԥылоит.
Аԥсны де-факто ахада Аслан Бжьаниеи де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи реиԥылараҿ Сергеи Лавров Аԥсны ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит “Украина ицо аоперациа ҷыда аибашьцәа рзы агуманитартә цхыраара рзаарԥшразы.”
Аурыс дипломат иажәақәа рыла, Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡара иарҭбаауеит.
Иахьа Сергеи Лавров Аладатәи Уаԥтәыла де-факто арежим хаҭарнакцәагьы дырԥылараны дыҟоуп.