Сақстат - Қырҭтәыла атауареикәшара 37.0% рыла иазҳаит
Сақстат - Қырҭтәыла атауареикәшара 37.0% рыла иазҳаит

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, Қырҭтәыла атауареикәшара 37.0% рыла иазҳаит. 2202 шықәса ажьырныҳәа-лаҵара рзы адәныҟахәаахәҭратә аикәшара 6 913.3 миллион америкатә доллар иаҟароуп,  ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс  37.0% рыла еиҳауп.

«Сақстат» адыррақәа рыла, иарбоу арыцхә аҟынтә 2 091.9 млн. адоллар аекспорт ауп (ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 36.2% рыла еиҳауп), аимпорт – 4 821.4 млн. адоллар иаҟароуп (ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 37.3 % рыла еиҳауп).