Сақстат - Аусура зылшо ахацәа рзы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум ԥхынҷкәын азы  249.7 лари иаҟаран
Сақстат - Аусура зылшо ахацәа рзы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум ԥхынҷкәын азы 249.7 лари иаҟаран

Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, аусура зылшо ахацәа рзы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум 2023 шықәса жьҭааразы иазҳаит 252.1 лари аҟынӡа.

Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, абҵаразы, аусура зылшо ахацәа рзы Қырҭтәыла ахныҟәгаратә минимум 252.3  лари иаҟаран, ԥхынҷкәын азы ари арбага 2.4 лари рыла маҷхан, 249.7 лари иаҟарахеит.

2021 шықәса инаркны, астатистикатә усурақәа рпрограмма ҿыц инақәыршәаны,  Амилаҭтә статистикатә маҵзура абарҭ арбагақәа рышьақәыргылара иазку  аусура мҩаҧнагом. Амаҵзураҿы ишырҳәаз ала,   апланшьҭыхра аума, аӡбарақәа рыдкылара аан аума,  иашьашәалоу аструктурақәа зыӡбахәы ҳәоу аиндикатор  џьаргьы рхы иадырхәом.