Сақстат - Актәи аквартал аҿы Қырҭтәылаҿ ишиашоу атәым инвестициақәа 7.7% рыла маҷхеит
Сақстат - Актәи аквартал аҿы Қырҭтәылаҿ ишиашоу атәым инвестициақәа 7.7% рыла маҷхеит

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, Қырҭтәылаҿ ишиашоу атәым инвестициақәа 2025 шықәса актәи аквартал аҿы  179.4 миллион америкатәи адоллар иаҟаран, ари арбага 2024 шықәса иашьашәалоу апериод аасҭа 7.7 % рыла маҷхеит.

Сақстат адыррақәа рыла, 2025 шықәса актәи аквартал аҿы  акциатә капитал 62.1 млн америкатә доллар иаҟаран, ари ишиашоу атәым инвестициақәа 34.6% иаҟароуп. Ареинвестициа 150.0 млн америктә доллар иаҟаран – 83.6%.