Сақстат - 2022 шықәсазы аҭааҩцәа рхарџьқәа 10.8 миллион лари иаҟаран
Сақстат - 2022 шықәсазы аҭааҩцәа рхарџьқәа 10.8 миллион лари иаҟаран

Астстистиказы амилаҭтә маҵзура аинформациа ала, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла аҵакыра иаҭааит 5.4 миллионҩык ирезидентым аҭааҩцәа , ари ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа аҵкыс 2.9-нтә еиҳауп.

Сақстат адыррақәа рыла, авизитқәа рхыԥхьаӡара 4.7 миллион иаҟаран, ари 2021 шықәса иашьашәалоу аамҭа аҵкыс 2.7-нтә еиҳауп.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, 2022 шықәсазы аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара  3.9 миллионҩык иаҟаран, ари 2021 шықәса иашьашәалоу аамҭа аҵкыс 2.8-нтә еиҳауп.. Жәларбжьаратәи аҭааҩцәа 77.6% атуристцәа ракәын, аеқскурсантцәа – 18.7%, аҭааҩцәа 4.7% – атуристцәеи аеқскурсантцәеи ракәын.

2022 шықәсазы аҭааҩцәа рхарџьқәа 10.8 миллион лари иаҟаран. Авизитк азы ахарџь 2297.7 алри иаҟаран.