Ԥхынгәы азы Қырҭтәыла атәым аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 403.7% рыла иазҳаит
Ԥхынгәы азы Қырҭтәыла атәым аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 403.7% рыла иазҳаит

Астатистика амилаҭтә биуро аифнормациа ала,  2021 шықәса ԥхынгәы азы, Қырҭтәыла иаҭааит 230 902-ҩык авизитерцәа, ари, ҵыԥхтәи апериод аҵкьыс, 403.7% рыла еиҳауп.

Аҳасабырба инақәыршәаны, адгьылмҩала Қырҭтәыла аҳәаа иахысит 90 152-ҩык, аҳаиртә мҩала Қырҭтәыла иаҭааит 138412-ҩык, амшынла – 567-ҩык, аихамҩала – 1771-ҩык.

Ԥхынгәы азы зегь реиҳа ирацәаны авизитқәа нагӡан еиқәыԥхьаӡоу атәылақәа рҟынтә: Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Украина, Шәамахьтәыл, Израиль, Саудтәи Аравиа, Казахстан, Беларус, Азербаиџьан, Индиа, Польша, Узбекистан, Германтәыла, ЕАШ.