"Сақстат" – 2021 шықәсазы Қырҭтәыла аусурҭадара арбага  20.6% иаҟароуп
"Сақстат" – 2021 шықәсазы Қырҭтәыла аусурҭадара арбага 20.6% иаҟароуп

Қырҭтәыла Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла,  2021 шықәсазы Қырҭтәыла аусурҭадара арбага 20.6% иаҟароуп, 2020 шықәса  иашьашәалоу аамҭа аасҭа  аусурҭадара арбага иазҳаит 2.1% рыла.

Сақстат аинформациала, 2021 шықәсазы аусурҭадара арбага зегь реиҳа иазҳаит Қарҭи (3.7%), Самцхе-Џьавахеҭи (3.5%), Имереҭи (3.4%).

Ишаҧу ала, ахацәа рыгәҭа аусурҭадара арбага аҳәса раасҭа иаҳа идууп. 2021 шықәсазы аҳәса рыбжьара арбага 1ю6% рыла иазҳаит, ахацәа рыбжьара – 2.5% рыла.

2021 шықәсазы аусурҭадара зегь реиҳа иҳаракуп 15-19 қәралатәи акатегориаҿ (52.2%).