Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Украина ахада Владимир Зеленскии ҭелла еицәажәеит.
Ари атәы аарыцҳаит атәыла ахада лпрессмаҵзура аҟынтә.
Дара иаладырҵәаз аинформациа ишану ала, Қырҭтәыла ахада, Ҟрым, урыстәыла -украинатә аҳәааҿы аҭагылазаашьа дшаргәамҵуа иазгәаҭаны, даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит Украина дшадгыло.
«Саломе Зурабишвили иаҵшьын иазгәалҭеит Украина апровокациақәа ирҿагыланы, иаҳзеиҧшу ашәарҭадара еиқәзыршәаша ахырхарҭа заҵәы — евроатлантикатә интеграциа амҩа ианыланы ҧхьаҟацара ишахәҭоу.
Атәылақәа рхадацәа Амшын Еиқәа ашәарҭадара азҵаара аҵакы иазгәаҭаны, ишырҳәаз ала, НАТО – Евроеидгыла асаммит аҿы Қырҭтәылеи Украинеи дара ирзеиҧшу ахықәкы иқәдыргылароуп.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, Қырҭтәыла ахада Украина имҩаҧылгараны иҟоу авизит рхы иадырхәоит абарҭ азҵаарақәа аус рыдуларазы», — иануп аинформациаҿы.