Саломе Зурабишвилии Маиа Сандуи, ҩ-тәылак реиҩызара адыргала, аендемикатә Кавказтәи аҧсагә   еиҭарҳаит
Саломе Зурабишвилии Маиа Сандуи, ҩ-тәылак реиҩызара адыргала, аендемикатә Кавказтәи аҧсагә   еиҭарҳаит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Молдова ахада Маиа Сандуи, ҩ-тәылак реиҩызара адыргала, аендемикатә Кавказтәи аҧсагә   еиҭарҳаит

Ишаҧу ала, аиҭаҳара ацеремониа мҩаҧган Кишиниов Аботаникатә баҳчаҿы.

Саломе Зурабишвили Маиа Санду Кавказтәи аҧсагә иазкны илзеиҭалҳәан, ишылҳәаз ала,  аҧсагә еиуеиҧшым   40 хкы иҟоуп, аха, аендемикатә хкы заҵәуп Қырҭтәыла аларҵәара ду змоу Кавказтәи аҧсагә  (Abies nordmanniana),  уи афиннтә профессор Алеқсандр фон Нордман иаҳаҭыр аҟынтә ихьӡ ахырҵеит. Иара иоуп  1835 шықәсазы Борџьоми аҩада-мрагыларатә ахәҭаҿы абри ахкы аазырҧшыз.