Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа дылҧылеит.
Атәыла ахада лпрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Орбелианиаа рхан аҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы атәыла ахадеи Жәлар рыхьчаҩи аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылаҿы иҟалаз ахҭысқәеи маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа раларҵәареи иалацәажәеит.