Саломе Зурабишвили жьҭаара 26 рзы аамҭалатәи апарламент алхреи аиҳабыра рмодель ҿыци аинициативала дықәгылеит
Саломе Зурабишвили жьҭаара 26 рзы аамҭалатәи апарламент алхреи аиҳабыра рмодель ҿыци аинициативала дықәгылеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аполитикатә партиақәа ирыдалгалеит ауснагӡатәқәа рплан, ақырҭуа хартиа.

Орбелианиаа рханаҿ имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, анеҩстәи апарламентаҿ абри ахартиа аҭагылазаашьақәа рынагӡаразы аҭакҧхықәра агара иазыхиоу  аполиткиатә партиақәа зегьы ари ахартиа анапаҵаҩра рыдалгалоит.

„Иахьатәи амш азы ауснагӡатәқәа рплан, ақырҭуа хартиа шәыдазгаларц сыӡбеит. Аполитикатә партиақәа зегьы ари ахартиа анапаҵаҩра рыдазгалоит. Абри ахартиаҿы иарбоу азҵаарақәа хымҧада инагӡатәуп ҳтәыла евроинтеграциеи, адемократиа аҿиареи, азинтә ҳәынҭқарра аргылареи азыҳәан.  Анеҩстәи апарламентаҿ абри ахартиа аҭагылазаашьақәа рынагӡаразы аҭакҧхықәра агара иазыхиоу  аполиткиатә партиақәа зегьы ари ахартиа анапаҵаҩра рыдазгалоит.  Абри ахартиа анагӡареи агәрагара аиҭашьақәыргылареи азыҳәан аполитикатә лабҿабара ҿыц иаҧҵатәуп. Уи азыҳәан даҽа акзаарак, даҽа парламентк, даҽа алхрақәак, даҽа еиҳабырак аҭахуп.

Даҽа акзаарак ҳәа исҳәаз абри ауп иаанаго – ахартиа анагӡара мацараз аидгылара, европатәи аҧеиҧш азы аидгылара. Уи азыҳәан иаку алхратә сиа, мамзаргьы изакәызаалак формак ала аполитикатә аидҵара аҭахым. Аполитикатә партиақәа ахартиа рнапы анаҵарҩлак ашьҭахь, дара рхала ирыӡбароуп иарбан тактикоу, иарбан стратегиоу еиҕьаршьо. Уи сара исусым.

Даҽа алхрақәак  – иахьатәи аполитикатә лабҿабареи алхратә лагылазаареи абжьааҧнытә алхрақәа рымҩаҧгаразы алшара ҳнаҭом, асубиектқәа зегьы рхатә программа ацәыргареи рхаҿсахьа аарҧшреи азыҳәан еиҟараны алшарақәа рымам, ари азҵаара аҵакы ду амоуп.  Арҭ алхрақәа жәлартә референдумхоит, уи аҿы зҵаарак азы аҭак ҟаҳҵароуп, Европа иаҳҭаху иаҳҭахыму. Ахартиа знапы аҵазҩыз апартиа ҳабжьы аҳҭар, ахартиа ҳабжьы аҳҭар, европатәи аҧеиҧш ҳабжьы аҳҭоит.

Уи даҽа парламентк акәхоит  –  уи аконкреттә аҿҳәарала иалхыу, аконкреттә европатәи аплан анаӡаразы иалхыу парламентхоит.  Ари апарламент ахартиала ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нанагӡароуп.  Анеҩс,  рмандат ирхынҳәны, зхы иақәиҭу, изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧыргоит.

Даҽа еиҳабырак – аиҳабыра амодель ҿыц еиҿкаахоит. Уи аполиткиатә партиақәа рыла еиҿкаахом, ауаажәларраҿы азанааҭдыррала иалкаау ауаа рылоуп ишеиқәыршәахо. Аиҳабыра аиҿкаара апроцесс мҩаҧгахоит атәыла ахада иҟны еиқәшаҳаҭрала“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.