Саломе Зурабишвили – Урыстәыла ҳекономика аҿиаразы ҭабуп ҳәа аҳҳәароума? Уи намысдароуп,  ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом
Саломе Зурабишвили – Урыстәыла ҳекономика аҿиаразы ҭабуп ҳәа аҳҳәароума? Уи намысдароуп,  ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом

Урыстәыла ҳекономика аҿиаразы ҭабуп ҳәа аҳҳәароума? Уи намысдароуп,  ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада   Саломе Зурабишвили Европарламентаҿ данықәгылоз.   Зурабишвили ишылҳәаз ала,  лара иаҭахыз зегьы ҟалҵеит Қырҭтәыла иахьахәҭоу иҟазаарц азыҳәан.

«20 шықәса рыла Қырҭтәыла амҩа ду иахысит,  Евроеидгыла агәылара аҟынтәи ассоциациа аҟынӡа.  Европатәи аперспектива ҳанашьара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Европа агеографиатә зҵаара аӡбеит. Ҳара иаартны иҳарҳәеит Европаҟа зхы рхоу амҩа ҳнапаҿы ишыҟоу. Қырҭтәыла акандидат астатус аиуроуп. Ҳара акандидат астатус ҳаҳәоит аҭаацәара алахәылак ахьчареи адгылареи дшаҳәо еиҧшҵәҟьа», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.