Саломе Зурабишвили Украина ахада Владимир Зеленски иахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ дирхынҳәырц
Саломе Зурабишвили Украина ахада Владимир Зеленски иахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ дирхынҳәырц

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украина ахада Владимир Зеленски иахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ дирхынҳәырц.

„Апарламент аӡы сықәгылараан, Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟасҵеит Украинатәи ацҳаражәҳәаҩ ирхынҳәра азҵааразы, иахьа  абрантә, ари атрибунантә сколлега, сҩыза, Украинаи ахада Владимир Зеленски сиҳәоит ацҳаражәҳәаҩ дирхынҳәырц, агәаҟра ду аамҭазы,  ҳмилаҭқәа рыбжьара аимадара ӷәӷәахарц,” – иазгәалҭеит Саломе Зурабишвили апарламент аҿы есышықәсатәи лықәгылараан.

Украина ахада иӡбарала, Қырҭтәылантә ацҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәит хәажәкыра 1 азы.