Саломе Зурабишвили - Украина ацҳаражәҳәаҩ ирхынҳәра Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аполитика иадҳәалоуп
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили “Foreign policy” аинтервиу аҿы Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнагаз агрессиа алҵшәақәеи, жәларбжьаратәи асанкциақәеи, Қырҭтәылантә Украина ацҳаражәҳәаҩ ирхынҳәреи дырзааҭгылеитю
Ахада Зурабишвили лажәақәа рыла, Урыстәыла Украина имҩаԥнаго агрессиа афон аҿы, ашәарҭрает ахыхьчареи рхырхарҭала Қырҭтәыла мраҭашәарантә иаҳа идуу ацхыраара азыԥшуп.
“Сгәы шаанаго ала, хара имгакәа Амшын Еиқәа ихадарахоит. Ара аԥшыхәратә дыррақәа реиҭныԥсахлараҿ ацхыраара ҳҭахуп, ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит Урыстәыла Амшын Еиқәа аҟәарақәа реиҳара рконтроль шаҭаху. Акибершәарҭадара ахырхарҭалагьы аусеицура ҭбаатәуп. Ахыхьчаратә абџьар – ари ауп уажәы иаҳҭаху”, – илҳәеит Зурабишвили.
Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа зегьы рыдгылеит.
Иара убас, Қырҭтәыла ахада Қырҭтәылантә Украина ацҳаражәҳәаҩ ирхынҳәра азҵаарагьы дазааҭгылеит.
„Украина ацҳаражәҳәаҩ ирхынҳәра Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аполитикеи ақырҭуа гәыԥҩык аоппозициааи украинатәи аполитикҵәеи ирыбжьоу аимадарақәеи ирыдҳәалоуп. Аӡәгьы ихьӡ сҳәом… Уажәы ҳареи украинааи ҳаизыҟазаашьақәа даара иӷәӷәазароуп. Иарбанзаала аҳәоуеқәымшәара Урыстәыла аргәырӷьоит, ари егьиасҳәеит Украина алидер. Ари азҵаара ахцәажәара бзиа збаӡом, аха Қырҭтәыла Саакашвили изааигәоу аоппозициа ыҟоуп. Саакашвили Украина аҩызцәа имоуп, уи Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа рыԥхасҭатәара иҭахуп, сгәаанагарала, уажәы ари иаамҭам”, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада.