Саломе Зурабишвили - Уаанӡа ишыҟаз еиԥш, Қырҭтәыла Евроеидгыла азааигәахара апроцесс схы аласырхәоит
Қыртыла ахада Саломе Зурабишвили иахаь Орбелианиаа рхан аҿы Европатәи апарламент адәныҟатәи зқаарақәа ркомитети, ашәарҭадаратәи ахыхьчаратәии комитети рделегациақәа дырԥылеит.
Аиԥылараҿ Қырҭтәыла ахада ишаалыцаз ала, “уаанӡа ишыҟаз еиԥш, Қырҭтәыла Евроеидгыла азааигәахара апроцесс аҽалархәра налыгӡоит”.
Ахада ладминистрациа аинформациа ала, аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшит Украина аҭыԥ змоу аимаки, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи, арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьеи, Амшын Еиқәа ашәарҭадареи, ассоциирра змоу триои, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара азҵаареи, амилаҭтә аиқәшаҳаҭра азҵаареи.
Европатәи аделегациа дахагылоуп адәныҟатәи аусқәа ркомитет, ашәарҭадареи ахыхьчареи ркомитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Лукас Мандли. Мандли иажәақәа рыла “Қырҭтәыла евроаптәи ҳәынҭқарроуп”.
Қырҭтәыла ахада аиԥылараҿ ишылҳәаз “импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааԥсыра европатәи аперспективақәа рыдаргалоит”.