Саломе Зурабишвили Володимир Зеленски диԥылеит
Саломе Зурабишвили Володимир Зеленски диԥылеит

Украина аҭынчратә саммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украина ахада Володимир Зеленски диԥылеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитро Кулеба, Украина ахада иадминистрациа аиҳабы Андреи Ермак, вице-аԥыза Иулиа Свириденко.

Саломе Зурабишвили Володимир Зеленски Украина Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа раартразы аӡбара адкылара идылныҳәалан, Укрина дшадгыло даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит.