Саломе Зурабишвили  Владимир Зеленски Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит
Саломе Зурабишвили  Владимир Зеленски Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит

 

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҳәамҭла, лара Украина ахада   Владимир Зеленски Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.

Зурабишвили лажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа аукраин-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа иаҳа иҕәҕәахоит.

«Иахьатәи авизит  — ҳполитикатә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара алагамҭоуп. Сара ахада Зеленски ааҧхьара исҭеит ҧхынгәы 18 рзы ҳтәыла даҭааирц. Ҟрымтәи аплатформа аҵакы ду шамоу еилыскаауеит, шьҭахьҟа ҳаныхынҳәлак, ҳаилацәажәаны иҳаӡбоит абри аплатформа аиҿкаара апроцесс аҿы Қырҭтәыла иахаҭарнакхо, уигьы аҵакы ду амоуп.

Ҳәарада, Қырҭтәыла абри аплатформа иалахәызаауеит. Иара убас, иааиуа ашықәс азы ҳаизыҟазаашьақәа  30 шықәса рхыҵра инарҭбааны иазгәаҳҭап ҳәа сгәыҕуеит. Сара ахада Зеленски идазгалеит  абри зҵакы дуу арыцхә акультура амшқәа рыла азгәаҭара», — илҳәеит Зурабишвили.