Саломе Зурабишвили - Вето аиааира шрылшо издыруеит, аха ари акәӡам ихадароу, избан акәзар ари адәахьы идәылҵыз ауаа рыхьӡ ала иҟасҵоит
Вето аиааира шрылшо издыруеит, аха ари акәӡам ихадароу, избан акәзар ари адәахьы идәылҵыз ауаа рыхьӡ ала иҟасҵоит, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Euronews аинтервиу аҿы.
Қырҭтәыла ахада лажәақәа рыла, азакәан аҭагылазаашьа ма ахырхарҭа аԥсахра шалшо еилыркаауеит, убри азоуп ауаа акциақәа рышҟа издәылҵуа.
Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра азакәан даҽазнык ақәыргылара ала, Қырҭтәыла аԥеиԥш ашәарҭа ҭадыргылеит.
Қырҭтәыла ахада лажәақәа рыла, мраҭашәратәи апартниорцәа рганахьала ариторика џьбарахеит, ари иубарҭоуп мшаԥы 29 рзы Биӡина Иванишвили иқәгылараҿгьы. Зурабишвили ишазгәалҭаз ала, аҭагылазаашьа аԥсахра ажәлар мацара роуп изылшо.
Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, европатәи аԥеиԥш ахьчаразы ауаа адәахьы андәылҵуа аамҭазы, асанкциақәа рыхцәажәара ҟалом.