Саломе Зурабишвили – Шәгәаама? Шәгәаазааит, аха, шәааи, аус ҟаҳҵап, ареферендумҵәҟьа ҳармазеип, сара сшәыдгылоуп, сара - шәара шәоуп, шәара – сара соуп
«84ҩык ашулаверцәа ма 84ҩык Орџьоникиӡеаа ари атәыла аҧеиҧш рзырыҧсахуам, ари аҧеиҧш ҳара иаҳтәуп, уажәы ишәасҳәоит иҟаҵатәу. Уажәы ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп жьҭаара 26 рзы ҳҽазыҟаҳҵарц азыҳәан», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
«Иахьа шәгәаама?! Шәгәаазааит, аха, шәааи, аус ҟаҳҵап. Раҧхьа иргыланы, ареферендумҵәҟьа ҳармазеируоп. Иахьа ишәымоу аенергиа шәхы иашәырхәароуп анапынҵамҭақәа реизгаразы, анапынҵақәа еизганы исзаажәгароуп, сара ареферендум снапы аҵазыҩуеит. Ҳара европатәи аҧеиҧш ҳҭаху аурыс аҧеиҧш ҳҭаху? 84ҩык уи рзыӡбом. Ҳазынтәгьы еицыҳаӡбоит.
Аҩбатәи аус хада — анапынҵамҭақәа еизганы ианысзаажәгалак ашьҭахь, шәара зехьынџьара алхрақәа рыхьчара ишәуалуп. Шәҽеидкылареи, миллионбжак шәыбжьқәеи, миллионбжак ҳдиаспора рыбжьқәеи роуп жьҭаара 26 рзы алхрақәа рҧеиҧш зыӡбо. Насгьы, ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи иҳадгылазароуп. Орџьоникиӡеаа асанкциақәа рзышьақәдыргылар ҟалап, аха, атәыла асанкциақәа азышьақәдыргылом, избанзар, иахьа атәыла ибзиаӡаны иаанарҧшит аҧеиҧшс иаҭаху. Ҳара жьҭаара 26 рзы ҳҽазыҟаҳҵароуп. Сара сшәыдгылоуп, сара — шәара шәоуп, шәара — сара соуп», — илҳәеит Зурабишвили.