Саломе Зурабишвили - Сара Қырҭтәыла ауааҧсыра ирхаҭарнаку аинститут соуп, ҳара, ҳаидгыланы, еицаҳҳәароуп арҭ алхрақәа шазхаҳамҵо
Ари атәылаҿ ихьыҧшым аинститут заҵәы ахьӡала исҳәар сҭахуп сара арҭ алхрақәа шазхасымҵо, урҭ рызхаҵара ҟалом, избанзар, уи ҳтәылашҟа Урыстәыла алалара азхаҵароуп иаанаго. Сара уи азакәӡам ари атәылашҟа сзааиз, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
Иахьатәи абрифинг аҿы Зурабишвили ишылҳәаз ала, ақырҭуа жәлар иҟарҵаз алхра рыхьчароуп.
„Убри азакәӡам ҳабацәа изынхоз, ҳара уи ҳҽанраалом. Избанзар, сара сымацара сакәӡам иҟоу, сара Қырҭтәыла ауааҧсыра ирхаҭарнаку аинститут соуп, ҳара, ҳаидгыланы, еицаҳҳәароуп арҭ алхрақәа шазхаҳамҵо, абри аҩыза аформала Урыстәыла ҳтәылашҟа алалара ҳшақәшаҳаҭымхо. Ҳара ҳаидгылоит. Европатәи аҧеиҧш зыхьчо, ахартиа зыхьчо апартиақәа исывагылоуп. Уаҵәы, дара срыдгылазаауеит, шәаргьы, асааҭ 19:00 Русҭавели имҩаду ашҟа ааҧхьара шәысҭоит. Ҳаидгыланы еицаҳҳәап арҭ алхрақәа ишазхаҳамҵо, ҳконституциатә зин шыҳахьчо, абжьы цыҧхьаӡа шыҳахьчо, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҳҧеиҧш шыҳахьчо, наҟ-наҟ ари атәылаҿ адемократиатә алхрақәа рымҩаҧгара алшара шыҳахьчо“, – илҳәеит Зурабишвили.