Саломе Зурабишвили – Сара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәхразы мап сымкит
Саломе Зурабишвили – Сара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәхразы мап сымкит

«Сара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәхразы мап сымкит. Сара аӡәы ашьауҕа иқәсымхозар, егьирахь, ашьауҕа ақәхра азҵаара салацәажәом», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  «Арадио Ахақәиҭра» аинтервиу аҿы.

Ажурналист Зурабишвили длазҵааит ҧаса лара иҟалҵаз аҳәамҭа иазкны.  Саломе Зурабишвили уаанӡа ишылҳәоз ала,  Михаил Саакашвили ахаангьы ашьауҕа иқәылхуам.

«Ари азҵаара иара Қырҭтәыла амҩа иаша ақәыргылараҿы инаигӡаз ароль иадҳәалам.  Иара имацара иакәӡамызт. Шеварднаӡегьы дыҟан. Иара иоуп раҧхьаӡа акәны ари агәашә аазыртыз. Зураб Жваниагьы дыҟан, иара иоуп зегьы раҧхьа изҳәаз : «Сара  – сқырҭуоуп, убри аҟынтә, сара  – севропауаҩуп». Абарҭ ауаа зегьы ароль ду нарыгӡеит. Рацҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла анапхгаҩцәа зегьы  аханатә  ибзианы аус руеит, нас, автократиашҟа рхы дырхоит», — илҳәеит Зурабишвили.