Саломе Зурабишвили -  Сара Киев ахәыҷтәы ахәшәтәырҭеи егьырҭ украинатәи ақалақьқәеи рылахысра иааҧҵәаны сақәыӡбоит, ари афактгьы лабҿаба иаанарҧшуеит урыстәылатәи аибашьра агәымбылџьбаратә методқәа шамоу

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили  урыстәылатәи арбџьармчқәа рыла украинатәи ақалақьқәа рылахысра дақәыӡбит.

Саломе Зурабишвили ишылҩыз ала,  ари афактгьы лабҿаба иаанарҧшуеит урыстәылатәи аибашьра агәымбылџьбаратә методқәа шамоу.

«Сара Киев ахәыҷтәы ахәшәтәырҭеи егьырҭ украинатәи ақалақьқәеи рылахысра иааҧҵәаны сақәыӡбоит, ари афактгьы лабҿаба иаанарҧшуеит урыстәылатәи аибашьра агәымбылџьбаратә методқәа шамоу, Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго аибашьра арыцҳара ду шахылҵуа», — илҩит  Саломе Зурабишвили.

Иахьа урыстәылатәи арбџьармчқәа Украина аганахьала имҩаҧыргаз аҳаиртә жәылараан 28ҩык ҭахеит.