Саломе Зурабишвили – Сара аплан заҵәык сымоуп, ашықәс анҵәамҭанӡа ари атәыла акандидат астатус аиур сҭахуп, ари ахықәкы анагӡараҿы аӡәгьы дысҧырхагахом
«Иахьазы сара аплан заҵәык сымоуп, ашықәс анҵәамҭанӡа ари атәыла акандидат астатус аиур сҭахуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламентаҿ, атәыла ахада лимпичмент азҵаара иахьахәаҧшуа аилатәараҿы.
Саломе Зурабишвили ишылҳәаз еиҧш, ари амҩаҿ аӡәгьы дзылҧырхагахом.
«Ақырҭуа жәлар аӡбара рыдыркылеижьҭеи акрыҵуеит, уи азы ахә ду ашәара рықәшәеит. Ҳажәлар уажәгьы ари аӡбара иазгәыкуп, еснагь европатәи апринципқәа рыхьчоит. Ҳажәлар урыстәылатәи амҩа ианырҵоит ҳәа аӡәгьы игәы иаанамгааит», — илҳәеит Зурабишвили.