Саломе Зурабишвили - Қырҭтәылеи адунеи рҿы иахьа аныҳәа ду иазгәазҭо ауаа зегьы идуӡӡоу ақьырсиантә ныҳәа рыдысныҳәалоит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишили Қырҭтәылеи адунеи рҿы иахьа аныҳәа ду иазгәазҭо ауаа зегьы идуӡӡоу ақьырсиантә ныҳәа рыдылныҳәалеит.
“Иахьа ақьырсианцәа џьоукы Қьырса аныҳәа ду иазгәарҭоит. Қырҭтәылеи адунеи рҿы иахьа абри аныҳәа ду иазгәазҭо ауаа зегьы идуӡӡоу ақьырсиантә ныҳәа рыдысныҳәалоит.
Ҳтәылаҿ ашәышықәсақәа ирылагӡаны арелигиатә конфессиақәа ҭынч реицынхара атрадициа шьақәгылеит. Ари атрадициа ҳтәылаҿ наӡаӡа иаанхоит ҳәа, адунеи зегь азы ауаатәыҩса рыбжьара аҭынчреи, рыбзиабареи, рпатуқәҵареи иҿырԥшыгахоит агәра згоит,” – иануп Қырҭтәыла ахада иҟалҵаз адныҳәалараҿ.