«Қырҭтәыла еснагь аҭынчра иадгылоуп, убри азоуп аибашьраан адиалоги адеескалациеи азы ҳплатформа зшәыдаагалаз. Абри ажәалагала еснагь амч амазаауеит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Шәамахьтәыла ахадеи лареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.
Зурабишвили ишылҳәаз ала, Шәамахьтәыла ахада уаанӡагьы Қырҭтәыла даҭааир акәын, аха, апандемиеи арегион аҿы иҟаз аибашьреи иҧырхагахеит.
«Иахьа Орбелианиаа рхан аҿы шәыдкылара алшара ахьсымоу сеигәырҕьоит. Аҵыхәтәантәи ҳаиҧылара ашьҭахь Кавказ ҳазынтәгьы крызҵазкәа апроблемақәа ҳазцәырҵит. Ганкахьала, апандемиа амшала, ҳтәылақәа рыхҧагьы рекономика азарал ду аиуит. Аибашьраан иҭахаз ауаа зегьы руацәа срыдашшылар сҭахуп. Қырҭтәыла еснагь аҭынчра иадгылоуп, убри аҟынтә, аибашьраан адиалоги адеескалациеи азы ҳплатформа шәыдаагалеит. Абри ажәалагала еснагь амч амазаауеит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.