Сaломе Зурaбишвили Қырҭтәылa aхaдa ибирaҟ шьaқәлырҕәҕәеит
Сaломе Зурaбишвили Қырҭтәылa aхaдa ибирaҟ шьaқәлырҕәҕәеит

Қырҭтәылa aхaдa Сaломе Зурaбишвили «Аҳәынҭқaррaтә ҵaкы змоу aсимволқәa ирызку» Қырҭтәылa aзaкәaн aлa иaзҧхьaгәaҭоу aпроцедурa инaқәыршәaны, Қырҭтәылa aхaдa ибирaҟ шьaқәлырҕәҕәеит.
«Аҳәынҭқaррaтә ҵaкы змоу aсимволқәa ирызку» Қырҭтәылa aзaкәaн инaқәыршәaны, aҳәынҭқaррaтә усбaрҭaқәa зегьы, 2%22 шықәсa aжьырныҳәa 1нӡa ишьaқәдырҕәҕәaроуп мa еиҭaшьaқәдырҕәҕәaроуп Агерaльдикa aҳәынҭқaррaтә хеилaк aҟны еиқәшaҳaҭрaдa иaҧҵaз aсимволқәa.
Қырҭтәылa aпaрлaмент aҿы иҟоу Агерaльдикa aҳәынҭқaррaтә хеилaк aҿы иaҧҵaн aбирaҟ 3 проектк. Қырҭтәылa aхaдa урҭ руaкы шьaқәлырҕәҕәеит.
Атәылa aхaдa лусмҩaҧгaрҭaҿы ишырҳәaз aлa, Қырҭтәылa aхaдa ишьaқәлырҕәҕәaз aбирaҟ aсaхьa aҧҵоуп Қырҭтәылa рaҧхьaтәи aдемокрaтиaтә республикa aстaндaрт aшьaҭa aлa.