Саломе Зурабишвили - Қырҭтәыла атерриториақәа рырхынҳәра еибашьрала аҭахым, ари имԥсахуа аӡбароуп
Џьоукы еибашьрала аманипулиациақәа рымҩаԥгара анаҭаху аамҭазы шәара шәахь ааԥхьара ҟасҵоит, Қырҭтәыла атерриториақәа рырхынҳәра еибашьрала аҭахым, ари имԥсахуа аӡбароуп, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рхан аҿы данықәгылоз.
Ахада лажәақәа рыла, еибашьрала ирхынҳәа атерриториақәа акгы – аҿиара, аҽышьақәырӷәӷәара, аидентра ахьчара ирыхәом.
“Иахьа Қырҭтәыла аперспектива зеиԥшроу иаҳа ибзианы иубарҭоуп – ирласу европатәи аинтеграциа амҩа. Ари амҩаҿ – адемократиеи, аҽышьақәырӷәӷәареи ахьыԥшымреи рымҩаҿ, шәара шәахь ҳнапы ҳархоит. Акзаара аиура мчыла ҟалом, ампыҵахаларалагьы ҟалом. Ари амҩа ҳахычхьеит. Ахкырацәареи, амилаҭрацәареи, апартиарацәареи ари акзаара иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп. Аха аҿамгыларагьы ҳдыруазароуп, даҽаӡәы игәаанашара адкылара ҳалымшозар, аилкаара ҳалшароуп, ахатә интересқәа раԥхьа атәыла аинтересқәа иқәгылатәуп. Мшаԥы 9 аҽны ари ишәзеиӷьасшьоит. Нагӡара ақәзааит Қырттәыла”, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.