Саломе Зурабишвили Қарҭттәи аҳәынҭқарратә университет аиубилеи инамаданы адныҳәалара ҟалҵеит
Саломе Зурабишвили Қарҭттәи аҳәынҭқарратә университет аиубилеи инамаданы адныҳәалара ҟалҵеит

Қырҭҭәыла ахада Саломе Зурабишвили Қарҭттәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи, апрофессорцәеи аректори ауниверситет аиубилеи рыдылныҳәалеит.

Зурабишвили лажәақәа рыла, ақырҭуа ҵарадырратәи аҵаратәи институциақәа рырҿиара, иреиҳаӡоу аҵара аларҵәара Қырҭтәылаҿ ауаажәларратәи аполитикатәи ахшыҩцра уасхыруп.

“Давид Аргылаҩ игәаларшәар амш шәыдысныҳәалоит. Иахьатәи амш ҳауаажәлар рзы актәи ақырҭуа университет ашьаҭаркра иадҳәалоуп. Ақырҭуа ҵарадырратәи аҵаратәи институциақәа рырҿиара, иреиҳаӡоу аҵара аларҵәара Қырҭтәылаҿ ауаажәларратәи аполитикатәи ахшыҩцра уасхыруп.

Аҵареи, аҵарадырреи акультуреи рызҵаарақәа аполиаризациа змоу ҳауаажәлар реидгылара апроцесс ацхрааԥ ҳәа сгәыӷуеит. Қарҭттәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи, апрофессорцәеи аректори ауниверситет аиубилеи рыдысныҳәалоит,” – иануп ахада иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.