Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ дылҧылеит
Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ дылҧылеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рханаҿ Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ дылҧылеит .

Атәыла ахада ладминистрациа иаланарҵәаз аинформациа ишану ала, Саломе Зурабишвили Узра Зеиа длацәажәеит Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәеи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциеи иазкны.

Аиҧылараҿы атәыла ахада  Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш даналацәажәоз, иаҵшьны иазгәалҭеит Қырҭтәыла ахаангьы Урыстәыла ишадгыламыз, ҳаҧхьаҟагьы ишадымгыло, ақырҭуа жәлар атәыла европатәи амҩа ишазгәыку.

Қырҭтәыла ахада Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ ҭабуп ҳәа лалҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны, жәашықәсала, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы атәыла аҿиара ацхрааразы.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа атәылаҿ имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәагьы ирылацәжәеит. Қырҭтәыла ахада ишазгәалҭаз ала, ажәлар зегьы, рҽеидкыланы, абжьыҭира рхы аладырхәоит, иҳәынҭқарратәым асектори, аҿари, ақырҭуа жәлари даҽазнык ишьақәдырҕәҕәоит европатәи амҩа ишадгыло.