Саломе Зурабишвили НАТО Арратә комитет ахантәаҩы, адмирал Роб Бауер диҧылеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили визитла Қарҭ иҟоу НАТО Арратә комитет ахантәаҩы, адмирал Роб Бауер диҧылеит.
Орбелианиаа рхан аҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәылеи НАТОи рпартниорреи Амшын еиқәа ашәарҭадареи иалацәажәеит, дара иаҵшьны иазгәарҭеит арегион аҿы аҭагылазаашьа аҽаҧсахра иазҧхьагәаҭаны, ари авизит аҵакы ҷыда шамоу.
Арратә комитет ахантәаҩы Қырҭтәыла ивизит ибзианы дахцәажәан, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит НАТО азааигәахара апроцесс аҿы Қырҭтәыла ақәҿиара ду шамоу, атәыла уи иалаҽхәар шалшо.
Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, атәыла аполитикатә ҭагылазаашьаҿы аполиаризациа шыҟоугьы, ақырҭуа жәлар, еицҿакны, НАТОи Евроеидгылеи рахь Қырҭтәыла аинтеграциа иадгылоит.
НАТО Арратә комитет ахантәаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит Афганистан имҩаҧысуаз амиссиаҿы Қырҭтәыла алахәызаара аҵакы ду шамаз. Аиҧылараҿы ашазгәаҭаз ала, Алианс иалам аҳәынҭқаррақәа рҟынтә Қырҭтәыла абри амиссиаҿы зегьы реиҳа идуу алагала ҟанаҵеит.
Қырҭтәыла ахада НАТО Арратә комитет ахантәаҩы ҭабуп ҳәа иалҳәеит иара иҟаиҵо ҳәамҭақәа рҿы НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара азҵаара иадҳәаланы НАТО амӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг еснагь дахьидгыло азыҳәан.