Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Молдова аԥыза-министр Наталиа Гаврилица дылԥылеит.
Ахада ладминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Қырҭтәылеи Молдовеи рҿаԥхь иҟоу ааԥхьарақәа, Украинатәи аибашьра аекономикеи асоциалтә зҵаарақәеи рнырра, аиԥылараҿ иазгәаҭан иахьа Украина адгылара ахадара ду шамоу.
“Қырҭтәыла Украинеи украинатәи жәлари ирыдгылоит, европатәи партниорцәа рыцхыраара, апроектқәа рынагӡара, аҵак ҷыда амоуп”,- илҳәеит Қырҭтәыла ахада.
Саломе Зурабишвили Наталиа Гаврилица Қарҭ аҳәса жәларбжьаратәи аконцеенциахь даалыԥхьеит, уи 2023 шықәсазы мҩаԥгахоит.