Саломе Зурабишвили Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа  еидгыларц ирыбжьалган, аилацәажәаразы Орбелианиаа рханашҟа дрыҧхьеит
Саломе Зурабишвили Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа  еидгыларц ирыбжьалган, аилацәажәаразы Орбелианиаа рханашҟа дрыҧхьеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа  еидгыларц ирыбжьалган, аилацәажәаразы Орбелианиаа рханашҟа дрыҧхьеит –  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ари аҳәамҭа ҟалҵеит иахьатәи абрифинг аҿы.

Зурабишвили ишылҳәаз ала, аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи етап зыҧшра ҟамҵакәа имҩаҧгазароуп.

„Аоппозициаа алхыҩцәа алхра аҟаҵара рзымариахарц иҟарҵароуп  – аоппозициатә ахҧатәи ацентр  макьана аӡбара здызымкылаз алхыҩцәа ирызкуп, абри аҩыза ацентр ажәлар еиднакылар алшоит. Сара уи агәра згоит, убри азоуп зегьы рҟны аконсультациақәа сызрылахәыз, сара, анеитарлтә мчы аҳасабала, ари апроцесс ацхраара сазыхиоуп. Европатәи ахырхарҭа иадгыло аполитикатә ҩ-мчык, Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа роуп аӡбара здызкылаша. Атәылаз зҵакы дуу аамҭазы абри аҩыза ашьаҿа ҟарҵап ҳәа сгәыҕуеит.   Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи уи ишазыхиоу здыруеит. Алхратә амзар инақәырәшаны,  аҵыхәтәантәи аӡбара адкыларазы аамҭа ҳацәмаҷуп. Убри аҟынтә, уаҵәы аҩ-партиак рхаҭарнакцәа Орбелианиаа рханаҿ срызҧшуп, аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи аетап зыҧшра ҟамҵакәа имҩаҧгатәуп. Сара гәыкала исҭахуп ари апроцесс қәҿиарала имҩаҧысырц, аиааира ҳзаанагарц. Абри ауп ҳажәлар шәара шәҟынтә иззыҧшу“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.