Саломе Зурабишвили лнапы зҵалҩыз ақәҵара инақәыршәаны, апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит жьҭаара 26 рзы
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иахьа лнапы зҵалҩыз ақәҵара инақәыршәаны, 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит жьҭаара 26 рзы.
Саломе Зурабишвили ари атәы аалыцҳаит иахьатәи абрифинг аҿы.
„Алхрақәа рымҩаҧгара иазку адҵа снапы аҵазҩит. Аӡбара адкылара амш ааигәахоит, алхра аҟаҵара амш, аиқәырхара амш. Ҳуааҧсыра дара иаҳа ирзааигәоу аполитикатә мчы аналырхуа абжьааҧнытә алхрақәа ракәӡам иахьа ҳазлацәажәо, ҳара атәыла аиқәырхароуп ҳазлацәажәо. Ҳара иҟаҳҵо алхра аҵакы дуӡӡа амоуп, ари алхра акыршықәса рыла ҳтәыла аҧеиҧш ҳәаақәнаҵоит“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.