Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, атехникатә аиҳабыра иалахәхәо ауаа рыхьӡқәа лҳәоит алхрақәа рҟнынӡа
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, атехникатә аиҳабыра иалахәхәо ауаа рыхьӡқәа лҳәоит алхрақәа рҟнынӡа.
Қырҭтәыла ахада ари аҳәамҭа ҟалҵеит ахада ладминистрациаҿы.
„Атехникатә аиҳабыра шәыдазгалар сҭахуп, аиасратә аамҭазы атехникатә административтә аиҳабыра аиҿкаара сгәы иҭоуп, уи хықәкык ауп иамазаауа, анеира иахьҳахәҭоу уахь ҳнаргароуп, Европа ашәқәа рҟнынӡа.
Атехникатә аиҳабыра алхрақәа рҟнынӡа ишәыдазгалароуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, ҳуааҧсыра заанаҵы ирдыруазароуп аиҳабыраҿ аҭакҧхықәра зауа, апарламент ахылаҧшрала ҳтәыла ахартиа амҩала ҧхьаҟа изго“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.