Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, агәреибамгареи, агәҩареи, иҳәаақәҵам аполитикатә культуреи рымшалоуп Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа реидҵара зыҟамлаз
Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, агәреибамгареи, агәҩареи, иҳәаақәҵам аполитикатә культуреи рымшалоуп Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа реидҵара зыҟамлаз

Иахьатәи абрифинг аҿы атәыла ахада Саломе Зурабишвили Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа реидҵара зыҟамлаз  иазкны  лгәаанагара лҳәеит.

Зурабишвили лгәы ишаанаго ала,  аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылымҵит  атәылаҿ аполитикатә хәмарраҩцәа зегьы ирықәыҕәҕәо ҧасатәи аҭагылазаашьақәа рымшала.

«Сара уҳәан-сҳәан аҳәара азакәӡам абрахь сзааиз,  аус ззыҟамлаз  амзызқәеи уи зхароуи акәӡам сызлацәажәар исҭаху, уи зегьы ирхаразар, насгьы аӡәгьы ихарамзар  ҟалап.  Сгәы ишаанаго ала,  аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылымҵит  атәылаҿ аполитикатә хәмарҩцәа зегьы ирықәыҕәҕәо ҧасатәи аҭагылазаашьақәа рымшала.  Агәреибамгареи, агәҩареи, иҳәаақәҵам аполиткиатә культуреи рымшалоуп Мамука Хазараӡеи Гьаргь Гахариеи рпартиақәа реидҵара зыҟамлаз, акомпромисс аҧшааара акультура иҟам, избанзар, ҧасеиҧш, иахьагьы, ухьаҵыр, уи аҧсыҽра адыргас иҧхьаӡоуп. Алхраҧхьатәи аамҭазы уи ахгара уадаҩуп, уи еилыскаауеит. Егьы амзыз ҳазынтәгьы ҳазхәаҽо мзызуп   –  агәреибамгара, агәҩара, ачарҳәара атеориақәа. Уи ҳазынтәгьы ҳзы иҟазшьарбагоуп, сара сзгьы иҟазшьарбагоуп, убри аҟынтә, ари аҭагылазаашьа алҵра уадаҩуп. Ари аҭагылазаашьа амшала аиқәшаҳаҭхара уадаҩхеит, аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылымҵит. Аха, ари апроцесс ахырҳагара алан, уи ҳбароуп. Ганкахьала, апартиақәа реизыҟазаашьақәа рҽырыҧсахит, иацы даараӡа иуадаҩыз, хәыҷы-хәыҷла имариахоит, ҳаҧхьаҟа аусеицура иаҳа имариахоит. Ҽакала иаҳҳәозар, аперспектива ҿыц цәырҵуеит, арҭ апартиақәа хаз-хазы ицоит, аха, хықәкык ауп ирымоу. Иахьа шьыжьымҭан даҽа партиак, аҧшьбатәи апартиа алидер ахартиа инапы аҵаиҩит, ахартиа абарҭ апартиақәа еиднаҳәалоит. Даҽа аидҳәалагак макьана иҟам. Уи цементуп», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.