Саломе Зурабишвили канадатәи ажәлар адгылара рзаалырԥшит
Саломе Зурабишвили канадатәи ажәлар адгылара рзаалырԥшит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили канадатәи ажәлар адгылара рзаалырԥшит.

Зурабишвил Канада аҭыԥ змоу абнабылра иазкны аҳәамҭа “Твиттер” аҿы ҟалҵеит.

“Алаӡара рзеиӷьасшьоит амцарцәаҩцәа фырхацәеиамца иаҿагыло Канадатәи анапхгара. Ари ихьанҭоу аамҭазы Қырҭтәыла канадатәи жәлар ирыдгылоит”, – илҩит Қырҭтәыла ахада.

Канадатәи апровинциақәа зегьы рҿы абна былуеит. Зымҽхак ҭбаау абылра амшала зегь реиҳа идуу аԥхасҭа Квебек аиуит. Квебектәи апровинциа аҟынтә аевакуациа рзырухьеит 12000-ҩык.